Ҳагԥҳа хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкны: имҭахандаз ҳәа ҳрыхӡыӡаауан
25 шықәса раԥхьа абҵара 24, 1992 шықәсазы, Нхыҵ-Кавказ ҳаешьаратә жәлар рыҟнтә аибашьцәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы иаԥырҵоит аоперативтә штаб. Уаҟа аус зуаз аҵарауаҩ, анасҩсан нхыҵаа ҳашьцәа аибашьцәа ирызкны "Их души тают, над горами" ашәҟәы ҭзыжьыз автор Лили Ҳагԥҳа илгәалалыршәоит аштаб аиҿкаара шыҟалази, напхгара азҭози, аштаб инанагӡоз аусуреи ртәы.