Аргәын Ведаҭ Кәаӡба игәаларшәаразы: ҳаӷацәа рхы дзацәымцеит
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Ҭырқәтәылантәи зџьынџь ахьчара иааз аибашьцәа дыруаӡәкуп Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кәаӡба. Аҭоурых ашьҭа мырӡуа ҳазааҭгыларц ҳҭахуп усҟантәи аамҭазы ҳаибашьцәа ргәалашәарақәа, рхәыцрақәа.