Аԥсны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.