Џьопуа: амузеи аҿы иҵәаху Аԥсны аҭоурых аҟәырҷахақәа роуп
Аҳәынҭқарратә музеи 100 шықәса ахыҵра инамаданы иаартын хәы змаӡам, ахәыԥшҩы ибла иамбац, быжь цыԥхак зҿаҵаны иҵәаху аекспонатқәа рцәыргақәҵа, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.