Атәыла ахада: иҳамоу агхакәа ҳӡом, урҭ иаартны ҳрылацәажәоит
Аҳәынҭқарраҿы аҭагылазаашьа мариам, аха уи иаанагаӡом зегьы аҵшәаара иаҿуп ҳәа, агхақәа шыҟоу еиԥш иҟоуп аихьӡарақәагьы, иҳәеит ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.