Кәыҵниаԥҳа лажәеинраалақәа реизга "Ахьышьҭа" иазкны: сгәы азыбылуеит
Иҭыҵит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу, апоетесса Гәында Кәыҵниаԥҳа иреиӷьу лажәеинраалақәа реизга "Ахьышьҭа". Аизга ианылаз ажәеинраалақәеи,реиҿартәашьеи,рфилософиатә лирикеи ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит автор.