Кәыҵниа: Кемерова иҟалаз абылра ашьҭахь ҳусбарҭа иадҵаало ауаа рацәаҩхеит
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра абылрачацәыхьчаразы Аҟәа ақалақьи араиони рҿы иаԥҵоу аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефира аҟны иҳәеит Кемерова иҟалаз абылра ӷәӷәа ашьҭахь абылрачацәыхьчара аҟәша иадҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ишацлаз.