Ақаҩба: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьызтәуа ҳхьыԥшымра азхаҵароуп
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили "Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" захьӡу аԥшьгамҭа ҟаиҵеит. Иара игәаанагарала аԥшьгамҭа азырхоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра ргуманитартәи рсоциал-економикатәи ҭагылазаашьа аиӷьтәра.