Аҷыдарақәеи, атрадициақәеи: аԥсуаа Амшаԥы шымҩаԥырго
Аԥсуа динтә ныҳәақәа рсистемаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Амшаԥы. Аԥсуаа рынхамҩатә бзазараҿы традициатә ныҳәаны Амшаԥы ашьапы акит ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы: хәба-фба нызқь шықәса рышьҭахь. Амшаԥ ныҳәа иамоу аҷыдарақәеи, атрадициақәеи дырзааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Валери Бигәаа.