Инаԥшьба: акинофестиваль аҭоурых аҿы иузанымхуа цәаҳәаны ианхалоит
Аԥсны ихыркәшоуп Аҟәатәи жәларбжьаратәи афестиваль, рыхьыӡ ҳәоуп иреиӷьӡоу зметр кьаҿу акино азҟазацәа. Аҿар политиказы аҳәынҭқарратә хеилак аспециалист Инал Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭаиҳәеит уи аидеиа шцәырҵыз.