Ашьамаҟа-ажәытәра иаго аҵас
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ацәгьеи-абзиеи ирыдҳәалоу акәама-ҵамақәа ҷыдала ирызнеиуеит. Аԥсхәраҿы лассы-лассы иаабалон ашьамаҟа ҳәа изышьҭоу ацәашьду. Иара еиқәырҵон, идырмазеиуан уи иазҟазаз аҳәса. Урҭ дыруаӡәкуп Бзыԥҭа аҳаблан инхо Зоиа Андарбуаԥҳа-Барцыц. Ашьамаҟа ҵакыс иамоуи уи аҟаҵашьеи еилылкааит Саида Жьиԥха.