Аџьынџьал: аҳәаа иаԥну араионқәа рхадацәа атәыла ахада иқәҵарала иаҭалатәуп
Иаҭахума аҭыԥантәи анапхгараҭара рнапхгаҩцәа ралхразы азакәан аԥсахра алагалара, абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ауаажәларратә усзуҩы Рисмаг Аџьынџьал.