Кәакәасқьыр: сҵаҩцәа реиҳараҩык арратә занааҭқәа алырхит
Арратә зыҟаҵара арҵаҩы Ҭемыр Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит иоушьҭымҭацәа реиҳараҩык арратә занааҭқәа алырхуеит ҳәа. Аҳҭнықалақь ашколқәа рыбжьара имҩаԥысуаз арра-спорттә хәмарра "Аиааира" аҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит иара аус ахьиуа Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ.