"Нануи дадуи рхәышҭаара": амоҭацәа ирыгәҭылаку Чуазаа рҭаацәара аҭоурых
Рашәара акы, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара иамшуп. Ари арыцхә инамаданы, Гагра ақалақь, ԥшьҩык ахшара иахьрызҳауа Чуазаа рыҩнаҭа саҭааит сыблала избарц аҭаацәара ду рыбзазара.