Инаԥшьба аԥхынтәи аҵарадырратә лагерь иазкны: ҳхықәкы наҳагӡеит
Кындыӷ ихыркәшахеит аԥхынтәи аҵарадырратә лагерь аусура, иара иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә аҿар. Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩы Инал Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи алҵшәақәа ртәы.