Думаа: аԥҳәыс ҳаҭырла лызныҟәара иахылаԥшуан ҳаиҳабацәа
Иахьатәи аамҭаз аҳәса рганахь ала ахацәа иаадырԥшуа ахалахьырхәра азы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа.