Шамба: Қырҭтәыла ақәылара уаанӡагьы аҽазнархион
Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, Цхинвал ақалақь аиҳарак еиладырбгеит. Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра реиқәырхаразы Урыстәыла ар аланагалеит. Хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь ақырҭуа ар аахыҵ Уаԥстәыла иалцан.