Беиаԥҳа: агәалашәара азал аҟны ицәыргахоит авертолиотқәа рҟәырҷахақәа
Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиа арадио Sputnik адырра алҭеит, аибашьраан иҭархаз авертолиотқәа рҟәырҷахақәа аекспозиациақәа рҟны ицәыргахарц азы, ааигәа аҩбатәи аекспедициа шымҩаԥыргаз.