Анита Папԥҳа: ахцәыҟаҵаҩ изанааҭ акьанџьақәа рҟны иԥысшәахьан
Ауаҩы даныхәыҷу инаркны дрызхьаԥшуа далагоит еиуеиԥшым азанааҭқәа. Гагратәи аҭыԥҳа Анита Папԥҳа - жәашықәса раахыс ахцәыҟаҵара лнапы алакуп. Лара Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа илзеиҭалҳәеит лзанааҭ алхра лгәазырԥхази уи илнаҭо агәалаҟазаареи ртәы.