Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Америка Шьамтәылан ахымҩаԥгашьа иақәыӡбоит
Шьамтәылатәи Арабтә республика ателехәаԥшра адырра ҟанаҵеит ЕАШ зхадараҿы иҟоу жәларбжьаратәи акоалициа апровинциа Деир-ез-Зор аҳауаҟынтәи иалахысуан ҳәа. Иҟоуп аҭынч уааԥсыра рҟынтәи иҭахаз. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәоуп.