Аҵаа Бабаду: са сзы насыԥ дууп ахәыҷқәа сыгәра ахьырго
Ашықәс ҿыц афырхаҵа хада, Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа зегь реиҳа иззыԥшу, Аҵаа Бабаду арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит ахәыҷы иргәырӷьара иара изы насыԥны ишыҟоу атәы.