Адлеиԥҳа: аҳҭныҟалақь ашколқәа рҿы акарантин алагалара аҭахны иҟам
Аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ашколқәа рахь имнеиуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шырацәоугьы, урҭ зегьы чмазаҩны иҟам ҳәа.