World News in Abkhazian
Январь
2018
2
6
7
14
15
20
21
27
28

Новости за 24.01.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Пасхалов: аҵара аминистрра иаҳнаҭаз амашьына ааӡаратә процесс азы ихәарҭоуп

Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра Калдахәаратәи ашкол-интернат жәаф-ҭыҧ змоу автобус ҳамҭас иарҭеит, иҳәеит арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусанна Саӡԥҳа ҭелла дзыҿцәажәоз ашкол адиректор Дмитри Пасхалов.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Арсалиаԥҳа аконкурс иазкны: аҟазацәа зегьы рхы аладырхәырц ҳҭахуп

Аицлабра ҳҟазацәа зегьы алахәызарц ҳҭахуп, акомиссиа иреиӷьу апроект алхра алшара роурцаз, лҳәеит арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культуратә ҭынҳа ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Шьамтәылатәи Африн аибашьра ӷәӷәа цоит

Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә авиациа ажәылара иахҟьаны ԥшьҩык аҭынч уааԥсыра ҭахеит, 14-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" ркомандаҟаҵара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳаџьымба: Гал иахьа апроблема ҳнаҭаӡом

Гал араион ауааԥсыра апаспортқәа риура, анхара азин аиура, тәанчахәыла аиқәыршәара уҳәа азҵаарақәа ринтерес рыманы ишьҭырхит Аԥсны анапхгареи дареи реиԥылараан.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Галтәи ахәышәтәырҭаз МРТ акыр ихәарҭахон

Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәеи Аԥсны Ахадеи алацәажәеит амагнит-резонанстә тамограф азы ахыбра аргылара азҵаара. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла МРТ Гал араионаҿ аҟазаара иалнаршон ҳтәылауаа ҽыхәышәтәра ҳәа Қырҭтәылаҟа рымцара.