World News in Abkhazian
Июль
2018

Новости за 02.07.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аветеран: ҳажәлар ирхыргаз аџьамыӷәа рацәоуп, уи ҳхамшҭроуп

Леон иорден занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, аподполковник ԥхьатәа, агәыԥ "Чагьам" акомандаҟаҵаҩы, Џьгьарда ақыҭа ахада Асланбеи Сангәылиа игәалаиршәоит пҳынгәымзатәи аибашьратә хҭысқәа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Какоба: зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу зҵаароуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит ахәыҷбаҳчақәа разымхара иахҟьаны есышықәса 300-ҩык рҟынӡа зықәра аҵанакуа ахәыҷкәа аҭыԥқәа шырмоуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Ахада Тамшь адесант аӡхыҵра 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара далахәын

Заур Зарандиа икомандаҟаҵарала ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан аԥсуа десант амшын иӡхыҵит. Дара ирхықәкы хаданы иҟан Аҟәаҟа ицоз ацентртә мҩаду аанкылара, аӷа ианысра алмыршара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Ахада Тамшь адесант аӡхыҵра 25 шықәса азгәаҭара далахәын

Заур Зарандиа икомандаҟаҵарала ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан аԥсуа десант амшын иӡхыҵит. Дара ирхықәкы хаданы иҟан Аҟәаҟа ицоз ацентртә мҩаду аанкылара, аӷа ианысра алмыршара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Қәычбериа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра иазкны: ҳамчгьы, ҳагәгьы арӷәӷәеит

Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа, амшын аԥшаҳәаҟны, 1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы аԥсуа десант ӡхыҵит. 25 шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа реиҿиашьа шыҟалаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәоит Река ақыҭан еиҿкааз ахԥатәи аполк аҩбатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Славик Қәычбериа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Бигәаа: аҩы – аԥсуа иныҳәага ауп

Избан аныҳәарақәа рҿы аҩы еиқәаҵәа зыҟоу, иныҳәозма аԥсуаа ҩыла, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Португалиа - Уругваи рыхәмаррахь аԥснытәи ашколхәыҷқәа нарыԥхьеит

Калдахуаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа рзы рашәара 30 2018 шықәса рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа рыцхәны иаанхоит. Абри амш аҽны дара Аԥсны Ахада идтәаланы Португалиа-Уругваи ршьапылампылтә еиндаҭлара иахәаԥшуан шәачатәи астадион аҿы.