World News in Abkhazian
Июль
2019

Новости за 31.07.2019

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ахи-аҵыхәеи имҩаԥысуеит ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа, ашәарҭадара ԥырхага азҭо ацәгьоура бааԥсқәа. Урҭ реиҳарак знапы алаҟьашьу аԥсуаа рыҷкәынцәа роуп. Избан аԥсуа ихьӡи ихьымӡӷи аԥхьа аргылара дзаҟәыҵыз, уимоу иуацәеи иҭынхацәеи убри аан адгылара ирҭо ишԥаҟалеи, ҳдунеихәаԥшра алаҟәра иабанӡаҿызаауеи? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагарақәа лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҩнгьы, адәынгьы иаамысҭашәаз Фазиль Искандер

Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа иҵит 3 шықәса. Игәалашәара аҳаҭыраз уи иуаҩышьа зеиԥшраз, иҩызцәа дшырзыҟаз, абаҩхатәра злаз дышрыдгылоз атәы шәыднагалоит Sputnik.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Занҭариа Фазиль Искандер изы: аԥсшәа рҭаныҟәон иара ирҿиара ашьамҩангақәа зегьы

Ԥхынгәы 31, 2016 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа-аурыс прозаик, ажурналист, асценарист, ауаажәларратә усзуҩы Фазиль Искандер. Иара ирҿиара аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ, акритик Владимир Занаҭариа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны

Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара иалҵра ахьаа ду зызцәырнагаз, иара хаҭала дыздыруаз, изныкымкәа иҿцәажәара насыԥс измаз, иԥсадгьыл ахь имаз агәыбылреи ипоезиатә баҩхатәра ҵаулеи знырхьаз аҩра знапы алаку арҿиаҩ қәыԥш Алина Жьиԥҳа Жәлар рпоет игәалашәара иазкны илҩыз анҵамҭа шәыднагалоит Sputnik.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Тугуш: ацха адунеи аҟны зегь раасҭа ибжьырхуа фатә хкуп

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныцха" аиҳабы Даур Тугуш арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит адунеи аҟны зегь раасҭа иԥаршеиу, ибжьырхуа афатә хкқәа рхыԥхьаӡараҟны ишыҟоу ацха.