World News in Abkhazian
Август
2019

Новости за 18.08.2019

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Быжьшықәса ибжьаӡны иҟаз: зыҩныҟа амҩа зхамышҭыз акамбашь Бақәыль аҭоурых

Аԥстәқәа лассы-лассы ауаҩытәыҩса оумашәа иибаша, зеилкаара ицәыуадаҩу ахымҩаԥгашьақәа аадырԥшлоит. Убас, Sputnik Аԥсны аколумнист Аинар Ҷыҭанаа игәылацәа ркамбашь иадҳәалоу ахҭыс шәыдигалоит иахьатәи ианҵамҭаҿы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Габуниа еиҭеиҳәеит "Князь Владимир" Аҟәа асқьалаҿы ааиразы ицо аусура атәы

Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсны амшынӷбарныҟәара" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит акруизтә ӷба "Князь Владимир" Аҟәа амшынтә баӷәазахь ааиразы имҩаԥгоу аусурақәа ртәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Мадонна Ԥлиаԥҳа: аԥсуа лакәқәа рмаҭәартә дунеи уамак ала ибеиоуп

Афольклорҭҵааҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа лнапы алакуп аԥсуа лакәқәа рмаҭәартә дунеи аҭҵаара. Уи лусумҭа аҷыдарақәеи жәлар рҳәамҭақәа ахәыҷқәа рыхдырра ныррас ианаҭои ртәы шәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа аҵарауаҩ қәыԥш длыҿцәажәаны, иҟаиҵаз анҵамҭаҟны.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо

Акәашара абызшәа, иара иаҵоу ажәа жәлар рҭоурых аазырԥшуа амыругақәа иреиуоуп. Аха рхы ишԥадырхәо ҳаамҭазы ари амыруга, инанагӡома иара ихадароу ароль - амилаҭтә культуреи абызшәеи ауаа рылааӡараҿы, мамзаргьы аҽырбара акәу еиҳахаз? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагара аалырԥшуеит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуа.