World News in Abkhazian
Февраль
2020

Новости за 13.02.2020

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Дочиаԥҳа лӷьычра аус азы ахарадҵа жәабран 24 ирыларҳәоит

Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы аӡбраеиларгара хыркәшаны ажьырныҳәа 20 рзы, ахара зыдҵаз аҵыхәтәантәи ражәахә рҳәеит. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахарадҵа рылаҳәара жәабран 24 рахь иианагеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Арадиозыӡырҩы Наҷҟьебиа: зылшарақәа ԥку ауаа рзы арадио хархәага бзиоуп

Зылшарақәа ԥку ауаа рзы арадио хархәага бзиоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны есымша азыӡырҩра бзиа избо Рауль Начҟьебиа. Аефир аҿы иаликааит дыззыӡырҩуа адырраҭарақәеи, аиҿцәажәарақәеи.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Лашәриа Рушьбеи Смыр изы: аҩра - жәҩанахьтә имааз ааԥхьаран

Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр жәабран 13 ихыҵуазаарын 70 шықәса. Зыжәлари зыԥсадгьыли ирыхӡыӡаауаз, абааш иаҩызаз арҿиаҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дигәаларшәеит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Џьынџьалԥҳа илҳәеит Тҟәарчал ауахәама аргыларазы ирылаҳәаз атендер аҽҳәара ишацҵо

Акультура –гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадимо Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ацқьа Евстафи ихьӡала Тҟәарчал ауахәама аргыларазы ирылаҳәаз атендер аҽҳәара ишацҵо.