World News in Abkhazian
Январь
2021

Новости за 13.01.2021

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҭорҭиа еиҭеиҳәеит аҿкычымазара аганахьала Тҟәарчал иахьазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Аҿкычымазара аҿагыларазы Тҟәарчал араион аҟны иҟоу аоперативтә штаб аиҳабы Маврик Ҭорҭиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион аҟны ачымазара аганахьала иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Конџьариа: ателехәаԥшрахьы ауаа рнагара уадаҩуп ауалафахәы ахьмаҷу аҟынтә

Гагратәи ателехәаԥшара иахьа 15 шықәса ахыҵит. Ателехәаԥшра ахантәаҩы Русҭан Канџьариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит риубилеи шазгәарҭо, ателехәаԥшцәа иарбан дырраҭарақәоу ирызнарго, арҿиаратә коллектив шаҟаҩы еиднакыло атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Ажьырныҳәа 13 ауха, 2006 шықәсазы раԥхьаӡакәны аефир ахь иҭыҵит Гагратәи Ателехәаԥшра. 15 шықәса раахыс "Гагра ТВ" аҟны дикторс иҟоу Саида Жьиԥҳа еиҭалҳәеит аусура дшаарыԥхьази, ажурналистика лыԥсҭазаара ишаныԥшызи ртәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

"Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит Ажьырныҳәа, бзыԥаа рҿы Хьачхәама ҳәа изышьҭоу аныҳәара амҩаԥгашьа иазку аматериал.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жәлар рдоуҳа: ахәышҭаарамца аԥсуаа рҿы

НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ, афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит ахәышҭаарамца аԥсуаа рҿы иааннакыло аҭыԥи, уи ажәа аҵакырацәареи ртәы.