World News in Abkhazian
Июль
2021
19
20
21

Новости за 31.07.2021

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Маркәылатәи анхарҭа ажрақәа раан аҵарауаа ажәытә ҳаԥшьақәа рыԥшааит

Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Археологиа аинститути Аԥсуаҭҵааратә институти рархеологцәа  Маркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа рышьҭамҭақәа еицҭырҵаауеит 2013 шықәса раахыс.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳаи Џьынџьали Ацәыргақәҵатә зал адырга ҷыда иазкны

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳаи аграфикатә дизаинер Владимир Џьынџьали арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Ацәыргақәҵатә зал адырга ҷыда аԥҵара шалыршахаз атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Ԥхынгәы 31 рзы хәышықәса ҵит иԥсҭазаара далҵижьҭеи Фазиль Искандер, уи игәалашәара аҳаҭыраз иара иуаҩышьа зеиԥшраз, иҩызцәа дшырзыҟаз, абаҩхатәра злаз дышрыдгылоз атәы шәыднагалоит Sputnik.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амазара аҵәахразы алшара аныҟоу: закәанки гәаанагараки

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуит ԥхынгәы 1 инаркны. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лҽазылшәеит зхашәалақәа ашәҟәы иҭазгалараны иҟоу ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа реилкаара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Наҷҟьебиа амшцәгьа инаҭаз аԥхасҭа азы: акарпыжә аганахьала "ҳҭынчуп"

Кындыӷ ақыҭа инхо, акарпыжә аазрыхуа Дмитри Наҷҟьебиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 27 ауыха амшцәгьа иахҟьаны иура иаиуз аԥхасҭа атәы.