Шамԥҳа: смоҭацәа рыдныҳәалара иреиҳаӡоу насыԥуп
Рашәара 17 рзы лымшира азгәалҭоит Аԥсны Жәлар рартистка, Аҳәынҭқарратә капелла ахкы назыгӡо Манана Шамԥҳа. Ашәаҳәаҩцәа рҭаацәараҿы амузыка ишазыҟоу, насгьы лымшира шазгәалҭо атәы Манана Шамԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит.