Кәарцхьиаԥҳа: Хәаԥ аԥсуа ҵасқәеи ажәытә маҭәарқәеи ирхәышҭаараны избеит
Sputnik акоррепондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа анҵамҭақәа рыҟаҵаразы Хәаԥ ақыҭан аус луан. Уаҟа лара дзыршынхаз, насгьы ари ақыҭа егьырҭ изларылукаар алшо атәы арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит.