Нанба: 1994 шықәса рзы абжьаҟазаратә мчқәа ҳабжьамгылазҭгьы, иҳацәҭахоз рацәаҩхон
Рашәара 21, 1994 Аԥсны иалагалан абжьаҟазаратә мчқәа. Дара рлагала атәы, насгьы аибашьра ашьҭахьтәи аҭагылазаашьа атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи аамҭаз арра хылаԥшҩыс иҟаз аинрал Закан Нанба.