Ҵәыџьба алхрақәа рзы: аҩныҵаҟатәи аҭахра алрымхлар, сзин схы иасырхәалоит
Алхрақәа рҟны абжьы зырҭода, иҟоума аидеиақәа реиндаҭлара, аҿҳәара змоу апрограммақәа? Абарҭ азҵаарақәа рзы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба.