Ԥлиа: Цандрыԥшь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа еиҳагьы еиҳахарц ахаҿра иацклаԥштәуп
Цандрыԥшь аҳабла ахада Бадри Ԥлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, аҳабла иаҭаауа акыр еиҳахарц иҟаҵатәу ҳәа ииԥхьаӡо.