Чамагәуаԥҳа "Ушәаҳәа, адыга мырзакан" аҿы рықәгыларазы: асцена аҟынтә ҳрышьҭыр рҭахымызт
Шәача имҩаԥысыз адыга музыка жәларбжьаратәи афестиваль "Ушәаҳәа, адыга мырзакан" раԥхьаӡа акәны иалахәын авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында". Уи асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит.