Китаитәи аделегациа Аԥсны зых иақәиҭу аекономикатә зона аԥҵара иалацәажәеит
Китаитәи Жәлар рреспублика аделегациа Аԥсныҟа усутә визитла иааит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аделегациа алахәылацәа рыдыркылеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Афинансқәа рминистр.