Халиманова: анхаҩы маҷк иадамхаргьы ацхыраара аниоулак, ихы дахәартә дҟалоит
Џьал ақыҭан инхо Олесиа Халиманова афонд "Кьараз" ацхыраара иабзоураны ауҭраҭыхи аиаҵәареи реиҭаҳатә лҭиуеит, иара убас ианҵаны илымоуп акәытқәа. Уи шалыршахаз атәы Халиманова еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы.