Аҟармаратәи аџьашьахәқәа хԥа: Тҟәарчал иаԥну аӡхыҽҽақәа
Тҟәарчал, ашахтиортә ҳабла Аҟармара х-ӡхыҽҽак ыҟоуп – "Иԥшьоу", "Ирина", "Адау". Ақалақь Тҟәарчалынтә аԥсабаратә цәырҵрақәа рҟынӡа 12 километр бжьоуп. "Адау" – Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽақәа зегь реиҳа идууп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аура 100-метрак иреиҳауп.