Гогьиа Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа рзы: ауаа рнеишьала алхрақәа идырааԥсеит уҳәо иҟам
Аԥсны алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа ахәшьара риҭеит.