Уахыки-ҽнаки рыла 136-ҩык акоронавирус шрылаз аадырԥшит Аԥсны
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3172-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1278-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 32-ҩык.