Хра злоу ахҭысқәа: Ахбеи Логәуеи атурист ихымҩаԥгашьа иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны
Атурист Аԥсны иҟазаара аамҭазы ҳмилаҭтә ҷыдара иацәыхароу ихымҩаԥгашьа апроблемазы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа рҳәеит Атәыла ахада акультуреи аҭҵаарадыреи рызҵаарақәа рзы аштатнҭыҵтәи иабжьгаҩ Нугзар Логәуеи, Аԥсны отельерцәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахбеи.