Актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" Аҟәа иаатит
Атуристтә форум апрограмма хада мҩаԥысуеит лаҵара 13, 14 рзы Аҟәа. Афорум аҿы излацәажәараны иҟоу атемақәа иреиуоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аԥхынтә туристтә сезон аконцепциа– ахаҭабзиара, ашәарҭадара, атехнологиа ҿыцқәа, аалыҵ ҿыцқәа".