Џьопуа: Иҟоуп зусура хацзыркхьоу апроектқәа
Ақыҭанхамҩатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра аԥара ззоунажьыз апроектқәа русура шцо агәаҭараз Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа атәыла мрагыларатәи араионқәа дырҭааит. Алҵшәақәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы.