Абоксиор: саҵахар сҭахымызт, сымчқәа зегьы аиааирахь исырхеит
Асҟаамҭа сыҽзазыҟасҵоз аиԥылара ас ирлас сахьаиааиз сгәы иаахәеит, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ҭелла дзыҿцәажәаз "Герои ринга" ҳәа хьӡыс измаз апрофесионалтә абокс азы аиндаҭлараҿы аиааира згаз Игор Адлеиба.