World News in Abkhazian
Декабрь
2017
2
3
9
10
16
17
23
24

Новости за 11.12.2017

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс пату рзақәуп, рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауеит ҳмилаҭ музыкатә рҳәагақәа. Урҭ хаҭа-хаҭала ирымоуп иҵаулоу, иҷыдоу аҭоурых. Аҭыԥҳацәа рвокалтә-инструменталтә ансамбль "Гәында" ҳажәлар рмилаҭ культура иаҿахәҳәагоуп. Ансамбль "Гәында" ҳџьынџьуааи даареи реибабара атәы Сырма Ашәԥҳа лматериалаҿ.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Абоксиор: саҵахар сҭахымызт, сымчқәа зегьы аиааирахь исырхеит

Асҟаамҭа сыҽзазыҟасҵоз аиԥылара ас ирлас сахьаиааиз сгәы иаахәеит, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ҭелла дзыҿцәажәаз "Герои ринга" ҳәа хьӡыс измаз апрофесионалтә абокс азы аиндаҭлараҿы аиааира згаз Игор Адлеиба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Лиза лроль: Алиса Гыцԥҳа "Пиковая дама" аҟны

Аспектакль "Пиковая дама" аҟны аԥсуа шәаҳәаҩ Алиса Гыцԥҳа апартиа хада налыгӡоит. Аспектакль мҩаԥысраны иҟоуп москватәи атеатр "Геликон-опера" аҟны ԥхынҷкәын 10 - 12 рзы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Чамагәуаԥҳа: ахәаԥшыҩцәа ирзыԥшуп ибеиоу аконцерттә программа

Ансамбль 40-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо аконцерт апрограмма беиоуп, лҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны Аԥсны Жәлар рартистка, ашәаҳәаратә-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Евровидение-2017 аиааиҩы игәы аоперациа азыруит

Португалиатәи ашәаҳәаҩ Сальвадор Собрал цәыббрамза анҵәамҭазы ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Иара иконцертқәа зегьы ааникылеит, асценахь уаҳа дшымааиуазгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит.