Атәыла Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит
Аԥсны Ахада аминистррақәеи аусбарҭақәеи адҵа риҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵреи Аџьынџьтәылатә еибашьарҟны Аиааира 25-шықәса ахыҵреи рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аплан иаарласны иаздырхиарц.