World News in Abkhazian
Март
2018
17
24

Новости за 01.03.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цәышба аҳауатә ҭагылазаашьазы: аӡыни ааԥыни еилыҵуеит

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭеилакаҿы аус зуа агидрометиорологиа аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Амир Цәышба Sputnik аинтервиу анеиҭоз далацәажәеит хәажәкыразы аҳауа зеиԥшрахаша атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа лассы рыҭара иалагоит

Хара имгакәа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иазнархиоит ОМС аполисқәа рызмазериразы иахәҭаны иҟоу адокументқәа рсиа. Аполисқәа рыҭараз ихымԥадатәиуп урыстәылатәи аҳәаанырцәтә паспорт амазаара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Беиаԥҳа Лабратәи аоперациа иазкны: ҳаибашьцәа ирылшеит агагшәыгра аҿагылара

Хәажәкыра 1 25 шықәса ҵуеит Лабратәи аоперациа мҩаԥгеижьҭеи, лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Нильс Скотт иԥылеит

Жәабран 28 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара арегионалтә ҳәаақәҵаҩ Аԥсны иҟоу ПРООН апрограмматә офис ахада Нильс Скотти реиԥылара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Атәыла Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит

Аԥсны Ахада аминистррақәеи аусбарҭақәеи адҵа риҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵреи Аџьынџьтәылатә еибашьарҟны Аиааира 25-шықәса ахыҵреи рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аплан иаарласны иаздырхиарц.