Џьниа: ацәыргақәҵа аҿарацәа рацәаҩны иалахуп
Хәажәкыра 5 ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатуеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа еидызкало ацәыргақәҵа, абри атәы иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа.