World News in Abkhazian
Март
2018
17
24

Новости за 05.03.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахба: Аԥсны акурорттә еизга ахықәкқәа алаҳкаауеит

Аԥсны акурорттә еизгақәа хықәкны ирымоуи иара ахышәа-ҵышәа заҟарахашеи ртәы иалацәажәоит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахбеи, Аԥсны аотелиерцәа Ргильдиа апрезидент Игор Жигуни.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кутелиаԥҳа: ателехәаԥшраҟны ахәыҷқәа ирымазар ауп рхатә аамҭа

Ахәыҷқәа ателехәаԥшраҟны ирымазар ауп рхатә аамҭа, ҳәа лҳәеит Жәларбжьаратәи ателехәаԥшреи арадиои рымш ныҳәа аҽны аԥсуа телехәаԥшра ахәыҷтәы дырраҭара аредактор Фатима Кутелиаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ешба раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Азиз Аҩӡба изкны: ҳаҭырла игәалашәара ҳазыҟоуп

Адунеитә рекорд шьақәыргылеит раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Азиз Аҩӡба, уи аахыижьҭеи иҵуеит 60 шықәса, абри атәы ҭелла иҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза адиректор хада Виачеслав Ешба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Џьниа: ацәыргақәҵа аҿарацәа рацәаҩны иалахуп

Хәажәкыра 5 ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатуеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа еидызкало ацәыргақәҵа, абри атәы иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа.