Ҳашԥҳа Шәачатәи ашьыпылампылтә турнир иазкны: ахәыҷқәа аиааира ргәы азыбылуеит
Ахәыҷтәы ашьапылампылтә команда Аҟәатәи "Динамо" алахәуп Шәача имҩаԥысуа ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир. Ахәмаррақәа шымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Аҟәатәи "Динамо" ахәыҷқәа рҭаацәаратә аилак ахантәаҩы Гуранда Ҳашԥҳа.